Аиааира Ду – 80

"Аразҟы цәгьа": аишьцәа Қаԥшьаа ирызкны

Sputnik
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага, Ҟәланырхәа ақыҭан инхоз, унеишь-уааишь ҳәа зырҳәоз, агәыраз ҳәа изышьҭаз Дамеи Қаԥшь ԥшьҩык иԥацәа афронт ахь иршьҭит. Ҩыџьа хабарда ибжьаӡуеит, ҩыџьа ахәрақәа рыманы ихынҳәуеит, аха рразҟы цәгьахоит. Уажәы ишәыдаагалоит аишьцәа ирызкыу анҵамҭа. Уи анҵоуп Қаԥшьаа рҭаца Хьыбла Магомедԥҳа лажәақәа рыла.
Дамеи Қаԥшь хҩык аҳәса ааигахьан. Жәҩык ахшара иман. Хәҩык аԥацәеи, ԥшьҩык аԥҳацәеи.
Ашкол ибзиаӡаны иалгаз, анаҩс ақыҭсовет аҟны амаҵура ныҟәызгоз иԥа Виктор, 37-тәи ашықәсқәа раан, НКВД аусзуҩцәа даалаԥшықәырҵан, "атроцкист" ҳәа ахара идҵаны Қарҭ дганы дҭаркоит. 1941 шықәсазы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага, устәи афронт ахь дыршьҭуеит. Аԥсны иҟаз иашьцәагьы, Тапҷа ида, уи даныхәыҷыз ихьыз ачымазара иахырҟьаны изшьапык кьаҿын, дхымхәоуп ҳәа дааныжьны, Ҳазараҭи, Кәынҵали, Ҷыҷкеи аибашьра идәықәырҵоит. Ҳазараҭ уи аамҭазы Бармышьтәи аԥҳәызба Нелли (Марушьа) Қчачԥҳа дҳәаны диман.
1 / 4
Ҷыҷка Қаԥшь
2 / 4
Ҳазараҭ Қаԥшь
3 / 4
Кәынҵал Қаԥшь
4 / 4
Виктор Қаԥшь
Аамҭа акыр ҵхьеит, аиҳабыратәи абиԥара рыдунеи рыԥсаххьеит аҟнытә, иахьа Қаԥшьаа рҭаацәа зыӡбахә сымоу аишьцәа рзы ирымоу аинформациа маҷӡоуп. Убри инамаданы реибашьратә мҩа иазку аинформациа ԥсыҽуп.
Ҳазараҭ Қаԥшь афронт аҟны ӷәӷәала дырхәоит, ахыԥҽыха излак ҭнахуеит. Агоспиталь аҟны маҷк иԥсы анааи, Қчачԥҳа лахь "сара сыбжахеит, бысзымԥшын, бразҟы чаԥа" ҳәа асалам шәҟәы иҩуеит. Нелли аҩышьеи аԥхьашьеи лыздыруамызт аҟнытә, зыгәра лгоз агәыла ԥҳәыс лҿы днеины, иҟаз анеилылкаа аҭак изылшьҭуеит "сажәа жәоуп, уаара сазыԥшуп" ҳәа. Ус иагьыҟалҵоит.
Аибашьра ибжанатәыз Ҳазараҭи Кәынҵали аҩныҟа ихынҳәуеит. Рашьцәа Виктори Ҷыҷкеи хабарда ибжьаӡуеит. Ҷыҷка итәы уҳәозар, уи зегьы иреиҵбыз иакәын. Иқәра ишаҵанамкуазгьы ааԥхьашәҟәы изаауан. Егьараан, арратә комиссариат аҟны дыздыруаз ахаҵа "уара ухы уҿы амумхыцт, уаарышьҭхма" ҳәа диргьежьхьан, аха зегь акоуп еиҭаиԥхьон. Аҵыхәтәаны аӡәы иҭыԥан дыргеит.
Дхымхәоуп ҳәа аҩны иаанрыжьыз аиашьа Тапҷа дҭаацәарахеит. Иара динасыԥхеит Аҷандаратәи аԥҳәызба Каниа Гәынԥҳа. Ҳазараҭи Тапҷеи еициит. Иара аибашьра аҟнытә даныхынҳә, аиашьа гәакьа иеиԥш длыдылкылеит аҭаца. Згәабзиара уашәшәыраз лабхәында лнапала ахәшәқәа ҟаҵаны иԥсы аалгеит. Аамҭак ашьҭахь имчқәа анҭала, иҳәаны имаз аԥҳәызба дизаалгеит.
Аҿарпынарҳәаҩи аҽыбӷаҟазеи: аибашьцәа Хьециаа Џьотеи Ивани рҭоурых
"Ҳазараҭ акыр шықәса Аҟәа амилициа аҟәшаҿы аус иуан. Игәамбзиара иахырҟьаны Нелли иареи ахшара рмоуӡеит. Аха лара лцәа иалҵыз реиԥш санхәа лхәыҷқәа лыцылбон. Сыԥшәма иахьагьы иҳәоит "саншьцәа Қчачаа роуп" ҳәа. Абас ажәа кьынаак еибымҳәакәа аиацалацәа еицынхон", - лҳәоит Хьыбла.
Кәынҵал аибашьра аԥхьа ибзиаӡаны ашкол далгеит, аматематика ихшыҩ азцон. Аха азанааҭ аиура дахьымӡеит, афронт ахь ддәықәырҵоит. Кәынҵал аибашьра адәаҟны хымш анышә аҵаҟа дыхәны дышьҭан. Уимоу ахбаҩлашҵысрагьы иоуит. Уи нахыс лассы-ласс ахыхь изцәырҵуан, алаԥшыҵашәарақәа дрымҽхаркуан.
"Кәынҵал изныкымкәа аҭаацәара далалахьан, аха разҟыла деиқәымшәеит. Изыхҟьазгьы игәамбзиара ауп. Алаԥшыҵашәарақәа аниоулак, аиара даалҵны, абџьар икызшәа "иааит, иааит" ҳәа дыҳәҳәо амӡырха дакәшон. Ус инасыԥ анеиԥҟьа, сабхәеи Ҳазараҭи дрыцынхо далагеит. Аха илаԥшыҵашәарақәа дырзымиааит, усҟантәи аамҭазы уи зхәышәтәуаз аҳақьымцәагьы рыԥшаара мариамызт. Ҽнак, Кәынҵали Ҳазараҭи аҩцара ишыҩнагылаз, Кәынҵал иашьа иахь лаԥшыҵашәара иоун, егьи ихы ларҟәны ачан дышхыԥшылоз, "иааит, иааит" иҳәан аигәышә ала Ҳазараҭ ихәда ԥиҟоит. Ари трагедиа духеит зегь рзы. Аума зыхганы аибашьра иалҵыз аишьцәа рразҟы цәгьахеит", - лҳәоит аҭаца.
Кәынҵал иашьцәа рыҩны ддәылганы дылгеит раҳәшьа. Уи нахыс ари агәараҭа дҭалымҵеит. Идунеи иԥсахаанӡа лара дылбон.
Матросов ифырхаҵара еиҭаҟазҵаз: Нарҭаа рцыԥҵәаха Володиа Ԥачлиа иҭоурых
Ҳазараҭ ишықәс цәымза анышьҭырх ашьҭахь, Нелли Қчачԥҳа лашьа ддәылигоит. Аха аиаҳәшьа гәакьа леиԥш илзыҟаз лацала Каниа Гәынԥҳа, Қчачаа рҿы дцаны, "лара лыда исзычҳауам, дызгарц сааит" ҳәа ралҳәеит. Аиашьа мап лцәикит, "ус анакәха шәышә сылатәазаауеит, алагьы бысҭаҿыхрак ашәҭоит, саргьы сыжәбап", ҳәа лыҽлырӷәӷәеит. Ахҭыс атәы заҳаз ауа-аҭынха ргәы ԥшаан, Нелли ҩаԥхьа Қаԥшьаа рахь дрышьҭит.
"Сара адунеи сықәнагалеижьҭеи, ахаан абарҭ аҳәса реиԥш ҳаҭыр еиқәызҵоз, бзиа еибабоз аиацалацәа сымбацт. Дара рҩыџьегьы ақәра дуқәагьы нырҵеит. Санхәа 102 шықәса, Нелли 105. Қчачԥҳа лааԥсара схәыҷқәагьы ирыдуп. Ранду хаҭа леиԥш дырԥхьаӡон", - лажәа иацылҵоит аҭаца.
1970-тәи ашықәсқәа раан, хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз Виктори Ҷыҷкеи рыбаҩ ахьамадаз еилкаахеит. Виктор джуп Урыстәыла, Иваново ақалақь аҟны, Ҷыҷка – Естониа.
Аишьцәа иранашьоуп хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Аха урҭ иахьанӡа инымхеит, анышә ианамардоз рҭоубыҭ иҭарҵеит.