Матросов ифырхаҵара еиҭаҟазҵаз: Нарҭаа рцыԥҵәаха Володиа Ԥачлиа иҭоурых

© Foto / предоставлено Шазиной АбшилаваВолодиа Ԥачлиа
Володиа Ԥачлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥақәашьтәи арԥыс Володиа Ԥачлиа, Матросов ифырхаҵара еиҭаҟазҵаз ҳәа зыӡбахә еицырдыруа аҵеи, иашьа имаҭа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша II акурс астудент Шьазина Аԥшьлааԥҳа иаҳзеиҭалҳәоит аибашьҩы гәымшәа ифырхаҵаратә мҩа.

Sputnik

"Нарҭ Сасрыҟәа ицыԥҵәаха,

Зашьа ицымхәрас афронтахь ицаз: Гәыгәыца Џьыкырба еиҭалҳәоит еибашьуаз лаб иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Зашьа ицымхәрас афронт ахь ицаз: Гәыгәыца Џьыкырба еиҭалҳәоит еибашьуаз лаб иҭоурых

Изааӡаз аҽеиқәа Бзоу,

Ажәлар рыҷкәын агәлымҵәаха,

Ибзақәоу зегь реиҳа ибзоу".

Кь.Чачхалиа

Егьа аамҭа царгьы, егьаҟазаргь урҭ ҳҵеицәа рфырхаҵара мырӡкәа абиԥарақәа еимырдалоит. Нарҭдгьыл ахьыҟоу Аԥсноуп, урҭ рфырхаҵара ахыԥшагьы зегь раасҭа иахькаҩуа ароуп.

99-ҩык Нарҭаа

Ԥсаҵла иаҵәала иҭалаҳау аҳаракыра, нышәмардуанла иҿаԥҟаны аҩада ухазгало амҩа, нас Очамчыра араион ақыҭақәа жәпакы унапсыргәыҵа ианушәа уахьрылаԥшуа, урҭ нырцәи-аарцәи еиҟәызшо аӡиас Аалӡга амшын иахьынӡалало асаркьеиԥш уахьхыԥшыло аҳаракыраҿ уанхалалак, ара иааукәыршан иҟоу аԥсабара иуанаҳәо рацәоуп.

Виолетта Харазия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Афырхацәа рымҩала: Виолетта Ҳаразиаԥҳа Владимир Ҳаразиа изкны

80 шықәса уажәаԥхьа "99-ҩык Нарҭаа" ҳәа хьӡыс изырҭаз ԥақәашьаа рҵеицәа рфырхаҵаратә мҩа аҭоурых иазынхарц азыҳәан ауп аԥсадгьыл ахьчацәа рыхьӡала изеиҭаҳаз аԥсаҵлақәа. Ари аус хацыркын 1975 шықәсазы Аиааира 30 шықәса ахыҵра инамаданы. Усҟан Кьыршьал Чачхалиа ихьӡ зху ари ашкол еиҳабыс даман Оҭар Џьоџьа-иԥа Ачба. Иузҳәом арҭ аԥсаҵлақәа зыхьӡала еиҭаҳау ақыҭа аҵеицәа рыԥсадгьыл ианықәны, уи аиқәырхара ицаз, аӡәы деиҳаны, ма деиҵаны афырхаҵара ааирԥшит ҳәа. Урҭ зегьы фырхацәоуп ҳара ҳгәаҿы. Аха 99-ҩык Нарҭаа ашәарҭара ду ианҭагыла еиқәзырхаз рашьа Сасрыҟәа иеиԥш сҿаԥхьа даагылоит ари ақыҭа аҵеи, уи аҳаблаҿ ииз, зфырхаҵара инамаданы зашәахә каҩуа Владимир Дигәа-иԥа Ԥачлиа.

17 шықәса ракәын ихыҵуаз ари арԥыс 1941 шықәсазы анемец фашист Асовет еидгыла данақәла, иқәра шаҵанамкуазгьы, хатәгәаԥхарала еибашьра ицаз.

Даныҩеидас инаркны арԥыс Володиа иабшьҭра змырԥхашьо аӡә иакәны, иблақәа еснагь фырхаҵара мцабзк рхылҵуан рҳәоит изааигәоу. Згәабзиара зынӡаск иуашәшәыраз иаб илабара уаҳа ишимоуаз дшазхәыцуазгьы, аҭакԥхықәра зегьы иара иеиҵбацәаз иашьеи иаҳәшьеи рнапы инанҵаны афырхаҵара мҩа днанылеит. Иан Агра агәашәаҿ лыҷкәын днаскьаго илҳәон абас: "Шәхахәс сара сцааит, ҳаҷкәынцәа, зегьы, шәара зҟырҟы шәҭашәаз аамҭаҿ хьымӡӷ шәымгааит".

© предоставлено Шазиной АбшилаваСССР Афырхаҵа Володиа Ԥачлиа Ԥақәашь дахьынхоз иҩны
Матросов ифырхаҵара еиҭаҟазҵаз: Нарҭаа рцыԥҵәаха Володиа Ԥачлиа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
СССР Афырхаҵа Володиа Ԥачлиа Ԥақәашь дахьынхоз иҩны

Иҽеиқәа Кәантри ласӡаны ахаҳәра иныхҟьеит. Уи ашьҭыбжьқәа лаҳауанаҵы иахьа уажәраанӡагьы иԥшушәа, рдацқәа ӷәӷәаӡа еивагылоу ҩ-ԥсаҵлак рыбжьара дгыланы, "ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп" ҳәа акырынтә еиҭалҳәон, лцәагьы дааҭрыхьҭышьааит… Анцәа иоуп знапы шәану…

Ицон аибашьра…

Рықәра ианааҵанаклак зегь уахь рымҩа хан иреиӷьыз ҳҵеицәа лыԥшаахқәа. Агрессор ӷәӷәа иҿагылаз амчрақәа иҭабиа дышҭарҟәаҟәозгьы, "иԥхыӡ хаақәа рыцәа" дзалҵуамызт - дгәыӷуан иахьа,ма уаҵәы ҳәа…

Матуа Лаврент Тамшьыгә-иԥа арыӷьарахьала - Sputnik Аҧсны
"Имариамыз амҩа": ҩажәа шықәса ирҭагылаз аибашьҩы Лаврент Матуа иҭоурых

Аха зегьы иреицәахеит ари аибашьра иахылҵуаз ахысыбжьқәа анацәа рлымҳақәа рҟынӡа изымааҩуа ишыҟаз Кавказтәи ашьхақәа ианырҿыҩ.

Ихы мшаҭо деибашьуан шәара зқәымыз ҳаԥсуа ҷкәынгьы. Уи дызлаз 867-тәи ахысратә полк, 271-тәи адивизиа иреиӷьӡоу аԥшыхәцәа дырхаданы реибашьратә мҩа наӡахьан Волга инаркны Карпатынӡа. Абра иааирԥшуаз агәымшәара иабзоураны Володиа иҩызцәа изырҳәон: "Афырхаца", рожденный громом и молнией" ҳәа.

Аԥшыхәратә рота аиҳабы, акапитан Казаков аибашьраҿы зегь реиҳа иӷәӷәоу, аҭакԥхықәра зцу, аилҟьареи агәымшәареи ахьаарԥштәу аԥшыхәраҿ идҵа ҿырԥшыганы зныкымкәа иахьынаигӡахьаз азы Володиа аамҭа кьаҿла аԥсшьара ииҭеит, аха уи мап ацәикит иара, дацәшәозҭгьы акәхап Гитлер иԥсыжә анихыҵуаз амш аибашьра адәаҿы дзаԥымлар ҳәа.

Ишԥабзиаз иԥышәоу аԥсуа жәаԥҟа, "Агәыӷра хароуп, аџьал ааигәоуп" ҳәа ирҳәо, еиҳа иуадаҩу аамҭеи аҭагылазаашьеи рҿы абас еиԥш ахархәара амазҭгьы - "Агәыӷреиԥш аџьалгьы хароуп" ҳәа. Аха…

Ветеран ВОВ Леварса Ашуба. - Sputnik Аҧсны
Хыԥсыра зхыганы ихынҳәыз: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Леуарса Ашәба

Володиа Ԥачлиа дызлаз архәҭа даҽазнык ироуит иҷыдаӡоу адҵа, ԥхьаҟатәи Асовет ар рзыҳәангьы аҵак ду змаз - маи 22, аҵх азы, ашара адәы иқәлаанӡа Ивано-Франковсктәи аобласт, Коломиитәи араион, ақыҭа Ракивчик ааигәара иакәшахьаз аӷа иҭаԥшыхәра, иагьышрыдыз иҭыԥқәа зегьы рхаҩара, "абз" агара, иара убас изакәытә еибашьыга техникоу имоу, аибашьратә хсаалагьы ицәгара.

Ирҳәоит имшәо агаӡа иоуп ҳәа, аха уажәы уи азхәыцха рымҭакәа еиҭах иҩызцәа днараԥгылт Володиа.

Аԥшыхәцәа аӷа изгәамҭаӡакәа "абз" ргеит, аха уи инақәырццакны амца рыжәиҵеит, уи инашьҭалеит артҟәацгақәа жәпакы. Ҳар ԥсыхәа аныҟамла, алымқәа реиԥш аҭабиақәа ирҭаԥалан напышьашәала аиқәԥара иалагеит. Убри аамҭазы анемец фашистцәа, ҳаԥшыхәцәа ԥхьаҟагьы шьҭахьҟагьы изымцо ахыԥсаҟьага иқәнакит адәы. Уаҳа ԥсыхәа шыҟамыз збоз Володиа уахь иҿынеихеит бџьарла деиқәных, аха иарӷьа напы ӷәӷәала ихәын, иршәыз артҟәацгагьы ахҭаҿынӡа изымнаӡеит.

Ашәымҭак азы уарбанзаалак уааҭгыланы ухы иаумҭар залшом азҵаара: Иихәыцрыз аԥсреи абзареи рлакҭа иҭаԥшуаз аибашьҩы гәымшәа убри аамҭазы ҳәа. Ҳәарада, ари амаӡа иара аибашьҩы наунагӡа уаҳа изаамыртуа иблақәа ирхуп...

Иццактәуп, иццактәуп…

Ихы аашьҭыхшәа иҩызцәа днарылаԥшит. Урҭ зегьы аӷа ихымҭаҟынтә издызкыларц зҭахыз адгьыл рҽаларԥсны ишьҭан. Убри аамҭазы мгәацәха дҳәазаны иҿынеихеит Володиа, абар дазааигәахеит аӷа ихыԥсаҟьага. Шьаҿак... Аҩбатәи… Иамам ԥсыхәа… Ашырҳәа дҩагылан, иҽаҿаижьит аӷа ихыԥсаҟьага аҿышәҭ, афырхаҵа игәышԥы зрыӷӷаз аҿгьы неихашәит. Еимгеимцарак иалагӡаны Володиа иҩызцәа рыдҵа нагӡаны, агыгшәыг иҭыҩра дҭаҟәаҟәаны, уи аҭыԥгьы ахы иақәиҭыртәит.

Даҽа ааԥнык азыхгар Аиааира иаԥылоз "абзырӡ" шәаџьҳәауа Агреи Дигәеи рашҭа иааҭалеит. Бзиарак шыҟамыз зцәа иалашәахьаз ан шьыжьаахыс ашҭа дықәын дыгәжәажәо. Убри аамҭазы лылаԥш дныҵашәеит ахаҳәра архәара инавҵшәаз егьи лыҷкәын Шьоҭа. Уи ашьыжь аусҳәарҭахь дылбааны дыҟан, џьара жәабжьк саҳауазар ҳәа. Агра дшыӡырҩуаз, аҽеиқәа Кәантри ашьапышьҭыбжьқәа ааихсыӷьит. Лыбла ҭырхаха агәашә ахь дыԥшуеит. Икәарны ада зшьапы змыргылоз аҽы гәырҩа хьанҭак аныруа, уи акәадыр инаныԥаз аԥшәмагьы аӷәра наҟ инақәыршәны, алу ишьазар аҟара ишьапеихгара ицәыуадаҩны агәашә даалагылт, иахьатәи ашараз, уахь аусҳәарҭахь албаара ахьаԥшьигаз ихы дазышәиуа.

© предоставлено Шазиной АбшилаваВолодиа Ԥачлиа иан лыҷкәын ихҳәаау ажәабжь дазыӡырҩуеит
Матросов ифырхаҵара еиҭаҟазҵаз: Нарҭаа рцыԥҵәаха Володиа Ԥачлиа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Володиа Ԥачлиа иан лыҷкәын ихҳәаау ажәабжь дазыӡырҩуеит

"…Ааи, нан, нан, сара хабга, исԥеиԥшыз",- лҳәан, дааӷьаҵәыӷьаҵәит.

Аԥсӡы зныз ашәҟәы еицарса иаҳәшьеиҵыб иналиркит иашьада дшызаҵәхаз ӷәӷәала изныруаз Шьоҭа.

"Маи 24, 1944 шықәсазы Украина амҵан, хаҵарыла дҭахеит Матросов ифырхаҵара еиҭаҟазҵаз аибашьҩы гәымшәа Володиа Дигәа-иԥа Ԥачлиа. Бҿаԥхьа схырхәоит – ан, афырхаҵа дзааӡаз.

Маи 24, 1944 ш. 271-тәи ахысратә полк акомандаҟаҵаҩ, аполковник Казаков".

© предоставлено Шазиной АбшилаваВолодиа Ԥачлиа иҳаҭгәын иан Агра данаҭааз атәы ахьану анҵамҭа
Матросов ифырхаҵара еиҭаҟазҵаз: Нарҭаа рцыԥҵәаха Володиа Ԥачлиа иҭоурых - Sputnik Аҧсны
Володиа Ԥачлиа иҳаҭгәын иан Агра данаҭааз атәы ахьану анҵамҭа

"Сумырԥхашьеит, нан, уабгьы адамра хыла даумырсит…" - арҭ ажәақәа ракәын ираҳауаз, зыҩшьапык арсны, аамҭак зылаӷырӡ блыз, цәыкәбаркгьы зызкамҭәоз, ус иахьынтәаазгьы узеилымкаауа, дагьацәыԥхашьо иналыхәылҟьаз абжьы еизнагаз агәылацәа рнапы дықәҵан данышьҭырхуаз...

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0