АҞӘА, мшаԥы 24 - Sputnik. Аԥсны акультура аминистрра Владислав Арӡынба изку иреиӷьу аусумҭазы аицлабра рыланаҳәеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аицлабра рхы аладырхәыр рылшоит апрофессионалтә композиторцәа реиԥш амузыка абзиабаҩцәагьы. Жьҭаара 1 аҟынӡа дара џьаргьы инармыгӡац аоригиналтә вокалтә композициақәа наргароуп.
Аиааира згаз – амузыкеи ажәақәеи равторцәеи анагӡаҩи аԥаратә ҳамҭақәеи адипломқәеи ранашьахоит, иреиӷьу арҿиамҭақәа Аԥсны раԥхьатәи ахада ишықәс ахыркәшаратә усмҩаԥгатә аана инарыгӡоит.
Владислав Арӡынба – аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аҳәынҭқарратә усзуҩ, Аԥсны раԥхьатәи ахада диит 1945 шықәса лаҵара 14 рзы, Ешыра.