Аԥсны

Аԥснытәи еизгоу акоманда карате-до Шотокан азы Адунеи ачемпионат аҿы аҩбатәи аҭыԥ ргеит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 29 - Sputnik. Аԥснытәи еизгоу акоманда Москва имҩаԥысуаз карате-до Шотокан Риу Казе Ха азы III Адунеи ачемпионат аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит.
Аԥснытәи аспортсменцәа 16 ҳамҭа ранашьахеит:
Алана Боциева ахьтәы медалқәа ҩба, араӡни аџьази медалқәа лгеит;
Амир Харчлаа – ахьтәы, араӡын, аџьаз медалқәа;
Никита Џьыкырба – ахьтәы медал;
Аинар Дочиа – араӡын медали ҩ-џьаз медалки;
Асҭан Раҭиа – ахьтәы медал;
Леон Ҳаџьымба – араӡни аџьази медалқәа;
Ксениа Клипина – араӡын медалқәа ҩба.
Атурнир рхы аладырхәит Италиа, Индиа, Куба, Мексика, Азербаиџьан, Ермантәыла, Африка, Урыстәыла арегионқәа жәаба рҟынтәи 300-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.