Аԥсны

Аҟәаҟа аԥыррақәа рымҩаԥгараз аҳаиртә еилахәырақәак рылшарақәа аус рыдырулоит

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Аҳаиртә еилахәырақәа "Икар", "Аҩадатәи аԥша", "Аерофлот" Аҟәаҟа аԥыррақәа рымҩаԥгараз рылшарақәа аус рыдырулоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атранспорт аминистрра.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит анаҩстәи ареисқәа Аҟәаҟа реиҿкаара шалыршахо:
авиоеилахәыра "Итар" — Уфантәи рашәара 3 инаркны,
авиоеилахәыра "Аҩадатәи аԥша" — Казанынтәи рашәара 4 инаркны,
авиоеилахәыра "Аерофлот" — Москвантәи лаҵара 31 инаркны.
Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳаиреимадара лаҵара 1 инаркны ихацыркхоит.
Аилахәыра "ЮВТ Аэро" иатәу аҳаирплан аҳаирбаӷәаза "Внуково" аҟынтәи аԥыррақәа мҩаԥнагалоит.
Аҳаирплан аҿы апассаџьырцәа ирзыԥшуп:
агәалашәаратә ҳамҭаҷқәеи аԥсуа милаҭтә чысқәеи;
аекипаж акомандаҟаҵаҩ иҟынтәи аԥсшәаҳәара;
ахәыҷқәеи адуцәеи рзы арлахҿыхратә программа.
Аҳаирбаӷәаза аартра иазку аусмҩаԥгатә ахь ааԥхьара рыҭоуп аветеранцәа, зҽаԥсазтәыз аусзуҩцәа, Аԥсны актәии аҩбатәии ахадацәа – Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаԥшьи рҭаацәа.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы раԥхьатәи апассаџьырцәа кәашарала-шәаҳәарала ирԥылоит, урҭ атрадициақәа ирызку ажәабжьқәа рзеиҭарҳәоит.
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза 1993 шықәса раахыс аус ауӡомызт. Урыстәыла алахәны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа 2023 шықәсазы ирылагеит, раԥхьатәи аԥышәаратә ԥырра ҳазҭоу ашықәс жәабран 7 азы имҩаԥысит.