Аԥсны

Тҟәарчал аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иалагеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Тҟәарчалтәи анхарҭа-коммуналтә маҵзурақәа лаҵара 1-2 руха иасыз аԥшатлакә ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иалагеит.
Аԥшатлакә 30-ҵла раҟара канажьит, 20-ҩны инареиҳаны ааха роуит, араион лашарада иҟан ҳәа иҳәеит Анхараҭ-коммуналтә усбарҭақәа аиҳабы Резо Гоԥиа.
Иацы аенергетикцәа афымцалашара шьақәдыргылеит. Уажәы араионтә маҵзурақәа аҭыԥантәи ауааԥсыра рыцхыраарала, амш ақәа шлеиуагьы икаҳаз аҵлақәа ықәыргоит, аҩнхыбқәа рхыбуеит.
"Ҳара ҳхатәы мчқәа рыла аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа аԥыхра ҳаҿуп. Икаҳаз аҵлақәа ықәаагоит, ҳамч зықәхо аҩнқәа ҳхыбоит, ҳамч ахьақәымхо аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥаҳгоит", —ҳәа азгәеиҭеит Гоԥиа.
Иара иажәақәа рыла, амҩадуқәа ррыцқьараз ԥшьымшҟа аамҭа аҭаххоит. Аҩнқәа рхыбраз иаҭахуп иахәҭоу амаҭәахәқәеи амш бзиеи.