АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Москваҟа днеит Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз ааԥхьарала, Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы.
Аԥсны ахада иԥшәмаԥҳәыс Ирма Ҳашыгԥҳаи иареи Ашҭа Ҟаԥшь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Апарад рхы аладырхәуеит ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Бадра Гәынба иԥшәмеи иареи Кремльтәи аҳҭныҟа инеит Урыстәыла ахада Владимир Путин ихьӡала Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа ирылахәу аҳәаанырцәтәи аделегациақәа рнаԥхгаҩцәа рзы официалла адкыларазы.
Бадра Гәынбеи Владимир Путини ҩганктәи реиԥылара азгәаҭоуп лаҵара 10 рзы.