Аиааира Ду – 80

Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы игаз Аиааира амш рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аҿы игаз Аиааира амш рыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит анемец мпыҵахалаҩцәа рҿагылараҿы ареспублика иҟанаҵаз алагала.
"Ҳаҭыр зқәу аветеранцәа! Шәыԥсҭазаара – ари зыԥсы ҭоу, зегь реиҳа ихьанҭоу аԥышәарақәа раан иҩу ҭоурыхуп. Шәара шәгәымшәара шәхәыҷқәеи шәԥаҭацәеи рзы иҿырԥшыган, урҭ ажәашықәсқәа рышьҭахь Аԥсны ақырҭуа агрессиа аҟынтәи ахьчара рықәшәеит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Гәынба иҳәеит, ҳазҭоу аамҭазы тәылақәак рҿы анацизм аиҭарҿиара ишаҿу. Урыстәыла уи ИАО адәаҟны иҿагыланы ишықәԥо, Аԥсны уи астратегиатә ҩыза адгылара шанаҭо.
Аиааира Ду – 80
Путин Гәынба Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит