Аԥсны

Аҟәа иҟалаз ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Аҟәа иҟалаз ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Аҧсны апрокуратура хада.
Иазгәаҭоуп, лаҵарамза 9 рзы еилкаам ахаҿқәа асааҭ 11:55 рзы аномерқәа М101ММ RSO зқәыз амашьына шкәакәа Toyota Alphard ала Аинрал Аршба имҩала ибжьалеит.
Закәаншьаҭада иныҟәыргози имҩаныргози абџьар ала дара фынтә рҟынӡа Гарик Аҩӡба иеихсны дыршьит.
Ацәгьоуцәа раанкыларазы ашьаусҧшаара мҩаҧысуеит.
Аԥсны
Аҟәа ауаҩшьра ҟалеит