АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Нижни Новгород аҟынтәи иахьа Аҟәаҟа иаараны иҟоуп раԥхьатәи аҳаирплан ҳәа унарбоит Нижегородтәи аҳаирбаӷәаза аонлаин-табло.
Аилахәыра "Икар" иатәу аҳаирплан асааҭ 17:50 рзы идәықәлоит, аԥырра 3 сааҭки 40 минуҭи ицоит
Нижни Новгородынтәи раԥхьатәи аҳаирплан Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь лаҵара 6 рзы иаараны иҟан, аха Росавиациа аамҭала аҳаиртә еимадараз иаланагалаз аԥкрақәа ирыхҟьаны иаанкылан.