Аԥсны

Аԥсны авторцәа ҿарацәа II Рреспубликатә семинар аатит Аҟәа

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аԥсны авторцәа ҿарацәа II Рреспубликатә семинар аатит Аҟәа.
Уи рхы аладырхәит ареспублика ашколқәа рҟынтәи аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа. Урҭ аӡәырҩы ражәеинраалақәа аизга "Ашьацкыра" аҿы иркьыԥхьхьеит.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иазгәеиҭеит авторцәа ҿарацәа атәылаҿы имҩаԥысуа алитературатә процессқәа радыԥхьалара аҵак ду шамоу.
"Иахьа алитература иуадаҩу аамҭақәа ирҭагылоуп, ус шакәугьы, амилаҭтә литература аҿиара иаҿуп, ицәырҵуеит аҩымҭақәеи авторцәеи ҿыцқәа. Уи иаанарԥшуеит абиԥарақәа рыбжьара аимадара шыҟоу", — иҳәеит Аԥҳазоу.
Аԥҳазоу иажәақәа рыла, Аԥсны араионқәа рҿы еиҿкааны ирымоуп алитературатә кружокқәа, абаҩхатәра змоу аҿар иааиԥмырҟьаӡакәа аус рыдырулоит.
Аԥсны авторцәа ҿарацәа II Рреспубликатә семинар аҿы ашколхәыҷқәагьы ражәеинраалақәа ирыԥхьеит.