АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Атуризм арт-школ "Аԥсны амаршрутқәа" алахәхаразы 200-ҩык инареиҳаны арзаҳалқәа аарышьҭхьеит ҳәа иҳәеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы аҿар рыҟәша аиҳабы, аицлабра "Аԥсны акоманда" аҿы аиааира згаз Беслан Аршба Sputnik аҿы авидеоцҳала Аҟәа-Москва имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны.
Таврида-арт аус ацура атуристтә усхк аспециалистцәа рзанааҭтә ҟазшьақәа рыҩаӡара аизырҳареи, аусутәи азанааҭтәи еимадарақәа рышьақәыргылареи иацхраауеит ҳәа иҳәеит Аршба.
"Сара агәра ганы сыҟоуп, уажәы Ҟрым имҩаԥысраны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рымҽхак ҳаҿар рзы амҩа ҿыцқәа шаанартуа, избанзар, ари формат ҿыцуп", — ҳәа азгәеиҭеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы амаӡаныҟәгаҩ Идрис Кара-Османоӷлы.
Арт-школ "Аԥсны амаршрутқәа" ареспублика ауааԥсыра рзы ҷыдала еиҿкаауп ҳәа азгәалҭеит арт-кластер "Таврида" арҿиаратә индустриақәа рымҩангара аҟәша аиҳабы Диана Ковела.
"Ҳара апрограммахь ааԥхьара раҳҭоит апрофильтә ҵараиурҭақәа рҟынтәи астудентцәа, аҟазараҭҵааҩцәа, арегионмҩаԥгаҩцәа, акультурологцәа, аекскурсиамҩаԥгаҩцәа, агидцәа, асасдкылара аусхк аҟны аҟазацәа, аивент-менеџьерцәа", — ҳәа лҳәеит лара.
Урҭ Аԥсны иамоу алшарақәеи атуристтә лшарақәа ҭырҵаауеит, атуристтә хырхарҭақәа рызнеишьа ҿыцқәа ирызхәыцуеит, амедиа аларҵәара атәы рҵоит ҳәа азгәалҭеит Ковела.
Лара лажәақәа рыла, ахҭыстә туризм аҭҵаарагьы акыр зҵазкуа хәҭаны иҟалоит. Алахәылацәеи арҵаҩцәеи Аԥсны здаҟам атуристтә хырхарҭақәеи ихадоу атуристтә ҭыԥқәа рҿы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аконцепциеи аус рыдыруылоит.
Арт-школ ахь аҽҭаҩра хыркәшахоит лаҵара 18 рзы.