АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik.Аԥсны ахада Бадра Гәынба хатәгәаԥхарала Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз дырԥылеит.
Дара Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәырц иааит.
"Владислав Арӡынба Аԥсны жәлари, Аҩадатәи Кавкази, Алада Урыстәылеи рҟынтәи ҳашьцәеи ҳареи ҳаидикылеит, уи акырӡа иацхрааит Аԥсны ақырҭуа агрессиа аҟынтәи ахьчаразы хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа арахь раара. Даҽазныкгьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳ-Аԥсны азы иҟашәҵази иахьагьы иҟашәҵои рзы. Ҳара ҳшәызгәдууп, шәбара еснагь ҳаигәырӷьоит", — иҳәеит Гәынба.
Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсны Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Реидгыла анапхгаҩы Сергеи Иахагоев аҳәынҭқарра ахада иахь аҳәара ҟаиҵеит илегендартәу хатәгәаԥхарала еибашьуаз Муаиед Шоров иашьа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз Анзор Шоров ихәшәтәраҿы ацхыраара иҭазарц.
Бадра Гәынба абри аганахь ала иахәҭоу анапынҵақәа ҟаиҵеит.