Аԥсны

Бадра Гәынба Мықәтәи ашкол 100-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа ихы алаирхәит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 16 – Sputnik. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Очамчыра араион Мықәтәи ашкол 100-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит.
Бадра Гәынба Мықәтәи ашкол 100-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа ихы алаирхәит
Ақыҭа Мықә — Аԥсны иагәҭылсоуп, ара еснагь атәыла алахьынҵа зыӡбо азҵаарақәа ирылацәажәон ҳәа азгәеиҭеит Гәынба иқәгылараҿы.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ашкол аушьҭымҭацәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзеиԥш, иахьа уажәраанӡагьы акультуреи, аҭҵаарадырреи, аспорти, амедицинеи уҳәа ахырхарҭақәа рыла атәыла аҿиараҿы рлагала ду шыҟарҵаз.
Бадра Гәынба Мықәтәи ашкол 100-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа ихы алаирхәит