Акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысуеит Аҟәа лаҵарамза 18 рзы.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, рмузеи аҟны "Аетнографиа" аҟәшаҿы асааҭ 18:00 рзы иаартхоит ацәыргақәҵа "Ҳара зегьы — ахәыҷра аҟынтәи ауп".
Асааҭ 19:00 рзы Дырмит Гәлиа иҩны-музеи аҟны идырбахоит Владислав Арӡынба 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арежиссиор Ибрагим Чкадуа иҭихыз адокументалтә фильм, абри атәы лҳәеит амузеи аиҳабы Светлана Қорсаииаԥҳа.