Аԥсны

Апассаџьырцәеи аидареи рныҟәгара иазку амаҵзурақәа иреиҳаӡоу ахәԥҵәақәа рзышьақәырӷәӷәоуп

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 20 Sputnik. Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы атранспорт ала апассаџьырцәеи аидареи рныҟәгара иадҳәалоу амаҵзурақәа рзы иреиҳаӡоу ахәԥҵәақәа шьақәнаргылеит.
Ақалақь аҩнуҵҟатәи амаршрутқәа рыла аныҟәара: автобусқәа рҿы - пассаџьыр-километрк азы 2,55 мааҭ, автобус хәыҷқәа рҿы - пассаџьыр-километрк азы 40 мааҭ.
Ақалақь анҭыҵтәи амаршрутқәа рыла аныҟәара: автобусқәа рҿы - пассаџьыр-километрак азы 2,33 мааҭ, автобус хәыҷқәа рҿы - пассаџьыр-километрак азы 3,88 мааҭ.
Ақалақьбжьаратәи амаршрутқәа рыла аныҟәара: автобусқәа рҿы - пассаџьыр-километрак азы 2,20 мааҭ, Автобус хәыҷқәа рҿы - пассаџьыр-километрак азы 3,39 мааҭ.