АҞӘА, лаҵара 20— Sputnik. Гәдоуҭа Араионтә хәшәтәырҭа хада акомпиутертә томограф арҽеиразы 11 миллион мааҭ азоужьуп, иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.
Иара иазгәеиҭеит, апандемиа аан хыԥхьаӡара рацәала ачымазцәа ргәаҭарақәа ахьымҩаԥысуаз азы, ари аппарат иамаз алшарақәа зегьы шынҵәаз.
Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа рҿы иқәыргылоу атомографқәа ҩба рахьтә руак арентгентә трубка ԥхасҭахеит шықәсыки бжаки раԥхьа. Уаанӡа, аҳақьым-рентгенолог Сариа Лакәаԥҳа аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба изеиҭалҳәахьан, акоронавирус аан Гәдоуҭа ақалақь аҿы 9-нызқьҩык инареиҳаны ачымазцәа шгәарҭаз.