АҞӘА, лаҵара 21— Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба Апрокурор хада Адгәыр Агрба аколлектив дыдирдырит.
Жәлар Реизара лаҵарамза 20 рзы имҩаԥгаз аилатәараҿы ишьақәнарӷәӷәеит Агрба икандидатура. 2019-2024 шықәсқәа рзы Агрба азинхьчаратә усбарҭа ахадас дыҟан.
"Хәышықәсатәи шәусеицура алшара шәнаҭоит Адгәыр Нугзар-иԥа иусқәеи изанааҭтә ҟазшьақәеи реилкааразы. Агәра ганы сыҟоуп, аусураҿы уаанӡа иҟаз ауадаҩрақәеи агхақәеи зегьы, аԥышәа ҳасаб азуны, ишыриашахо", — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Апрокурор хада имаҵура дарҭоит ма дымырхуеит Жәлар Реизара аҳәынҭқарра ахада иҟаиҵаз абжьгарала, ҿҳәарала хәышықәса ҳәа. Гәынба ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза 22 рзы Агрба икандидатура Апарламент аҿы ирыдигалеит.