Аԥсны

Лаҵара 21 рзы Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амш азгәарҭоит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 Sputnik. Лаҵара 21 рзы Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара амш азгәарҭоит.
Иахьа Аԥсны имҩаԥгахоит агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа.
Асааҭ 10:00 рзы — Омар Беигәаа ихьӡ зху аҳәаанырцә иҟоу аԥсуаа рҭоурых амузеи аҿы адәныҟатә цәыргақәҵа "Ашьҭраҵла".
Асааҭ 13:00 рзы — Борис Ашәба ицәыргақәҵа "Ҩ-ԥшаҳәак рыбжьара" аартра.
Асааҭ 19:30 рзы — Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҟынтәи Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз рбаҟа аҟынӡа аҿар рныҟәара алагоит.
Асааҭ 20:00 рзы — Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара.
Асааҭ 20:30 рзы имҩаԥгахоит— агәалашәаратә цәашьы "Ашьамаҟа", ар рымцеиқәҵара, ашәҭырқьақьақәа аӡы рыхҵара.
Иара убас, лаҵара 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы атлетика ласы азы "Нарҭаа реиԥхныҩлара ду" мҩаԥысраны иҟоуп.
Хәытаба: Амҳаџьырқәа ргәалашәара амш Аҟәа иазгәаҭахоит