АҞӘА, лаҵара 21— Sputnik. Урыстәыла арегионқәа рҿы аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыкала 127 дрон ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Бриансктәим аобласт аҿы 41 дрон ҭархоуп, Орловтәи аобласт аҿы — 37, Курсктәи аобласт аҿы — 31.
Аԥырҩы дызҭам ахархәагақә хәба ҭархоуп Владимиртәи аобласт аҿы, Риазантәи аобласт аҿы хԥа, фба — Москватәи арегионқәа рҿы, акака — Белгородтәи, Тулатәи, Калугатәи аобластқәа рҿи Амшын еиқәа инахыкни.