АҞӘА, лаҵара 22— Sputnik. Аҧсны ахада Бадра Гәынба аушьҭымҭацәа ашкол ралгара рыдиныҳәалеит.
"Ҳара ҳҳәынҭқарра ҳтәылауаа ҿарацәа ирызгәыдууп, ҳара еснагь адгылара раҳҭоит аҵарадырра, аихаҵгылара, Аԥсадгьыл амаҵ аура рганахьала шәгәазыҳәарақәа рзы", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аҳәынҭқарра ахада аушьҭымҭацәа ирзеиӷьеишьеит аԥышәарақәа рыҭираҿы ақәҿиарақәа, рылшарақәа рыгәрагара, аихьӡарақәа.