АҞӘА, лаҵара 22— Sputnik. Аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы абжьы геит.
Ашколқәа рҿы имҩаԥысуаз аныҳәатә цәаҳәақәа Аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхрала иалагон. Ашколхәыҷқәа акәашарақәеи ашәаҳәарақәеи аздырхиеит, традициала — рышәҵатәқәа азеиӷьашьарақәа рықәрыҩуан.
Аушьҭымҭацәагьы атәыла анапхгара рыдныҳәалеит. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭатәи актәи ашкол аҿтәи аусмҩаԥгатә далахәын, аушьҭымҭацәа аихьӡара дуқәа рзеиӷьеишьеит, арҵаҩцәа русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол №1 аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә далахәын, аушьҭымҭацәа раԥхьаҟа ақәҿиарақәеи аиааирақәеи рзеиӷьалшьеит.
Сынтәа Аԥснытәи ашколқәа ирылгеит 1889-ҩык, урҭ рҟынтәи хҩык ахьтәы медал аиуразы кандидатцәоуп. Актәи аклассқәа 2500-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа алгеит.