АҞӘА, лаҵара 24 — Sputnik. 1944 шықәсазы Естониатәи АСР иахьаҵанакуаз иҭахаз, Аԥснынтәи Ар Ҟаԥшь иалахәыз аибашьцәа анышә иахьамадоу еилкаахеит.
"Иахьа уажәраанӡа еилуаамкәан иҟан арҭ ауаа ишҭахаз, иахьҭахаз", — ҳәа асоциалтә ҳақәа рҟны ианиҵеит аҭоурыхҭҵааҩ Николаи Медвенски.
Асиа иануп: Иван Ашәба, Иоханнес Бенке, Александр Вурман, Хенрик Глук, Виктор Қаԥшь, Давид Кварацхелиа, Нурбеи Кәыҵниа, Роберт Кнут, Роберт Когудус, Виктор Курви, Илиа Қәҭелиа, Хенрик Лудвиг, Андрес Пендер, Ашот Пилосиан, Альберт Раихенбах, Ерни Рамиалг, Роберт Сарбо, Александр Саҳкар, Вильгельм Симмер, Александр Сое, Енок Торос(в)иан, Константин Емхаа, Завиан Иатуниан.
Медвенски аибашьцәа рыуацәа ирызкны адыррақәа змоу хымԥада иара рыҽимардарц аҳәара ҟаиҵеит.