Аԥсны

Игор Панченко ицәыргақәҵа аатит Аҟәа

Игор Панченко диит 1966 ашықәсазы Аҟәа. Асахьаҭыхра инапы алакуп быжьышықәса анихыҵуаз инаркны. Иусумҭақәа адунеи аҿы хаҭалатәи аколекциақәа рҿы иҵәахуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 Sputnik. Аҟәа "The Wall Gallery" аҟны иаатит Игор Панченко ицәыргақәҵа "Ликование в глубинах сна".
"Араҟа иҟоуп 2014 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа иҟаҵаз аусумҭақәа. Еизгоуп сырҿиара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы", — ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит асахьаҭыхҩы.
Иара иажәақәа рыла, асахьаҭыхымҭақәа ирныԥшуеит еиуеиԥшым аамҭақәа рзтәи асахьаркыратә хаҿсахьақәа, дара аарԥшуп ԥшшәхкы рацәала.
"Сара еснагь сҽысыԥсахыр сҭахуп, избанзар, акыр шықәса рыҩнуҵҟа акы мацара уаҿызар угәақәԥҵәоит. Уи аганахьала ахәыҷы сиеиԥшуп — ахәыҷқәа еиуеиԥшым ахәмаррақәа ирышьҭоуп. Исҳәар сылшоит, сҟазара ахықәкы ҩныҵҟалатәи ахәыҷы ирҿыхара ауп ҳәа", — азгәалҭеит Панченко.
Аԥсны
Аҟәа иаатит Борис Ашәба Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ирызку ицәыргақәҵа
Иааидкыланы ицәыргақәҵоуп жәа-усумҭак. Ацәыргақәҵа аус ауеит хымчыбжьа.
Игор Панченко диит 1966 ашықәсазы Аҟәа. Асахьаҭыхра инапы алакуп быжьышықәса анихыҵуаз инаркны. Иусумҭақәа адунеи аҿы хаҭалатәи аколекциақәа рҿы иҵәахуп.