АҞӘА, лаҵара 25 — Sputnik. Урыстәыла арегионқәа рҿы аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыкала 110 дрон ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Тулатәи аобласт ажәҩан аҿы 16 дрон ҭадырхеит, Бриансктәии Калугатәии аобластқәа рҿы — 14-14, Москватәи арегионқәеи Твертәи аобласти рҿы —️13-13.
Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа жәаба-жәаба Белгородтәии Курсктәи аобластқәа рҿы иҭархоуп, ааба — Орловтәи аобласт аҿы, быжьба — Ҟрым.
Ҩ-дронк Смоленсктәи аобласт аҿы иҭархоуп, акака — Липецктәи, Нижегородтәи, Новгородтәи аобластқәа рҿы.