Аԥсны

Аԥсны акультуратә афиша: Нижни Новгород амшқәа, Ахәыҷқәа рыхьчара амш, аспектакльқәа

Акультуратә афиша лаҵара 26 инаркны рашәара акы аҟынӡа. Шәаԥхьаны шәкультуратә ԥсшьара еиҿышәкаа.
Sputnik

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа

Лаҵара 20 асааҭ 18:00 рзы – Ахәыҷтәы музыкатә ансамбльқәа I Рреспубликатә фестиваль "Лаша-Лаша". Асценаҿ иқәгылоит Аԥсны амузыкатә школқәеи аҟазаратә школқәеи ркамератә ансамбльқәа.

Аԥсуа ҿар ртеатр

Лаҵара 28, 29 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Иӷьычуа зегьы рҳәцәаҩӡам".
РУСДРАМ
Лаҵара 29 асааҭ 19:00 рзы – аспектакль "Аклиникатә хҭыс". Арежиссиор - Сергеи Ефремов.
Рашәара 1 асааҭ 15:00 рзы – ахәыҷтәы спектакль "Буратино ихҭысқәа". Арежиссиор - Џьамбул Жорданиа.
Рашәара 1 асааҭ 19:00 рзы– аспектакль "Аҵыҵындра". Арежиссиор – Денис Хусниаров.

Пицундатәи ауахәама

Лаҵара 25, рашәара 1 асааҭ 17:00 рзы – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лука Гаделиа иуарӷантә концертқәа: "Аклассика аҟынтәи иахьатәи аамҭаҟынӡа".

Нижни Новгород амшқәа

Лаҵара 29 инаркны рашәара 1 аҟынӡа Аҟәа Нижни Новгород амш иазку аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥысраны иҟоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аспектакльқәа, аконцертқәа, ацәыргақәҵақәеи аинсталлиациақәеи, аспорттә еицлабрақәеи, аетникатә хәылԥази, иара убасгьы аиашьаратә қалақьқәа ринклиузивтә форум "Аԥсны аритм".
Аԥсны
Игор Панченко ицәыргақәҵа аатит Аҟәа

Ацәыргақәҵақәа

Лаҵарамза нҵәаанӡа Гәдоуҭатәи Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи аҿы амҳаџьырцәеи аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуааи ирызку афотоцәыргақәҵа аартуп.
Рашәара 15 рҟынӡа Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу The Wall Gallery аҟны Игор Панченко исахьақәа рцәыргақәҵа "Ацәа аҵаулараҿы агәырӷьара".
Лаҵара 30 рҟынӡа ахәыҷтәы сахьаркыратә центр "Аинар" аҿы имҩаԥысуеит аицлабра "Иаҳзеиԥшу аиааира – 80" аҿы аиааира згаз русумҭақәа рцәыргақәҵа.
Лаҵарамза нҵәаанӡа Афонҿыцтәи аҳаԥы афоие аҿы имҩаԥысоит Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку афотоцәыргақәҵа "Ԥсҭазаарас иҟоу- Ԥсадгьылуп".
Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы рашәарамза анҵәамҭанӡа аус ауеит ацәыргақәҵа "Аиааира акино". Уаҟа иаарԥшуп асовет еибашьцәа рфотоҭыхымҭақәеи рфырхаҵарақәа рыхҳәаақәеи, урҭ рыбжьара иҟоуп Аԥснытәи аибашьцәагьы.
Рашәарамза анҵәамҭазы Гәдоуҭа ақалақь аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аҟны Владислав Арӡынба диижьҭеит 80 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа "Ҳаеҵәахә" аартуп.