Аԥсны

Аԥсны алахәуп Минеральные Воды ақалақь аҿы аусура иалагаз Кавказтәи аинвестициатә форум

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны алахәуп Минеральные Воды ақалақь аҿы аусура иалагаз Кавказтәи аинвестициатә форум.
Уи Аԥсны ахада Бадра Гәынба ихы алаирхәуеит. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономикатә ҿиара аминистрреи аенергетика аминистрреи рнапхгаҩцәа Ҭеимураз Амқәаби Баҭал Мышәбеи.
Уа ареспублика аинвестициатә проектқәа днардыруеит, аҿиара бзиа змоу Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза апроектгьы уахь иналаҵаны. Аԥсны астенд аҭааҩцәа ирылшоит аҳаирбаӷәаза акомплекси апарк-терминали рархитектуратә макет ҭырҵаар.
Сынтәа афорум иатема хаданы иҟоуп "Аинвестициатә мҩа: иацы, иахьа, уаҵәы". Аусура апрограмма 50 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа аҵанакуеит, урҭ ирхадоуп Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак дызлахәхо апленартә еилатәара.