https://sputnik-abkhazia.info/20250526/asny-alakhup-mineralnye-vody-aala-ay-ausura-ialagaz-kavkazti-ainvestitsiat-forum-1055063828.html
Аԥсны алахәуп Минеральные Воды ақалақь аҿы аусура иалагаз Кавказтәи аинвестициатә форум
Аԥсны алахәуп Минеральные Воды ақалақь аҿы аусура иалагаз Кавказтәи аинвестициатә форум
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны алахәуп Минеральные Воды ақалақь аҿы аусура иалагаз Кавказтәи аинвестициатә форум. 26.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-26T10:48+0300
2025-05-26T10:48+0300
2025-05-26T10:48+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
бадра гәынба
аекономика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/1a/1055064521_0:65:1198:739_1920x0_80_0_0_f683f7711a701e4a56d062973bb71aa4.jpg
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны алахәуп Минеральные Воды ақалақь аҿы аусура иалагаз Кавказтәи аинвестициатә форум. Уи Аԥсны ахада Бадра Гәынба ихы алаирхәуеит. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономикатә ҿиара аминистрреи аенергетика аминистрреи рнапхгаҩцәа Ҭеимураз Амқәаби Баҭал Мышәбеи.Уа ареспублика аинвестициатә проектқәа днардыруеит, аҿиара бзиа змоу Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза апроектгьы уахь иналаҵаны. Аԥсны астенд аҭааҩцәа ирылшоит аҳаирбаӷәаза акомплекси апарк-терминали рархитектуратә макет ҭырҵаар. Сынтәа афорум иатема хаданы иҟоуп "Аинвестициатә мҩа: иацы, иахьа, уаҵәы". Аусура апрограмма 50 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа аҵанакуеит, урҭ ирхадоуп Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак дызлахәхо апленартә еилатәара.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/1a/1055064521_64:0:1135:803_1920x0_80_0_0_071efadb9a218febad30f7e529aa52f8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, бадра гәынба, аекономика
ажәабжьқәа, бадра гәынба, аекономика
Аԥсны алахәуп Минеральные Воды ақалақь аҿы аусура иалагаз Кавказтәи аинвестициатә форум
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik. Аԥсны алахәуп Минеральные Воды ақалақь аҿы аусура иалагаз Кавказтәи аинвестициатә форум.
Уи Аԥсны ахада Бадра Гәынба ихы алаирхәуеит. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономикатә ҿиара аминистрреи аенергетика аминистрреи рнапхгаҩцәа Ҭеимураз Амқәаби Баҭал Мышәбеи.
Уа ареспублика аинвестициатә проектқәа днардыруеит, аҿиара бзиа змоу Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза апроектгьы уахь иналаҵаны. Аԥсны астенд аҭааҩцәа ирылшоит аҳаирбаӷәаза акомплекси апарк-терминали рархитектуратә макет ҭырҵаар.
Сынтәа афорум иатема хаданы иҟоуп "Аинвестициатә мҩа: иацы, иахьа, уаҵәы". Аусура апрограмма 50 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа аҵанакуеит, урҭ ирхадоуп Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак дызлахәхо апленартә еилатәара.