Аԥсны

Ҭарашь Ҳагба "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" Ахылаԥшратә хеилак аилатәара далахәын

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба Ахылаԥшратә хеилак аилатәара далахәын.
Аицлабра "Аԥсны акоманда" хацыркын Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин инапынҵала, уи азы аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
Уи "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" амодель ала инагӡан ҳәа азгәеиҭеит Ахылаԥшратә хеилак аилатәараҿы апрезиденттә платформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Андреи Бетин.
"Ҳара ҳазгәдуны "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" аплатформа ашьаҭала иаԥаҳҵаз аметодикақәеи атехнологиақәеи шәымаадоит”, — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Анапхгаратә ҟазарҭа "Сенеж" аҿы уажәы афорум "Алшарақәа ркоманда" мҩаԥысуеит, уаҟа аплатформа апроектқәа зегьы рфиналистцәеи аиааира згази атәыла аҿиаразы аидеиақәа аус рыдырулоит иҳәеит Бетин.