АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Ҩышықәса ирылагӡаны афымцадәыӷба "Диоскуриа" амаршрут арҭбаауеит: Шәачеи Аҟәеи рҳаирбаӷәазақәа еиднакыло иҟалоит ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
Лаҵара 1 азы Сириус аҟынтәи Аԥсныҟа ибжьало афымцадәыӷба "Диоскуриа" раԥхьаӡа акәны имҩасит.
"Ҳара агәыӷра ҳамоуп Шәачатәи аҳаирбаӷәазеи Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи реимадаразы ари адәыӷба амаршрут агеографиа арҭбаара ҳалшап ҳәа. Уажәы ҳколлегацәеи ҳареи аихамҩақәа ринфраструктура ареконструкциа анапалакра атәы ҳалацәажәоит. Сгәы иаанагоит шықәсыки бжаки ҩышықәсеи рыҩнуҵҟа арҭ аҩҳаирбаӷәазак еихамҩала еимаадап ҳәа", — иҳәеит Кавказтәи аинвестициатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС иеиҭаз аинтервиу аҿы Гәынба.