https://sputnik-abkhazia.info/20250527/yshysa-irylagany-afymtsadyba-dioskuria-amarshrut-arbaaueit-1055079800.html
Ҩышықәса ирылагӡаны афымцадәыӷба "Диоскуриа" амаршрут арҭбаауеит
Ҩышықәса ирылагӡаны афымцадәыӷба "Диоскуриа" амаршрут арҭбаауеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Ҩышықәса ирылагӡаны афымцадәыӷба "Диоскуриа" амаршрут арҭбаауеит: Шәачеи Аҟәеи рҳаирбаӷәазақәа еиднакыло иҟалоит ҳәа иҳәеит Аԥсны... 27.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-27T10:15+0300
2025-05-27T10:15+0300
2025-05-27T10:15+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
бадра гәынба
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/02/1054736829_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_14a22acf2805802d296cf3b0ecba8b55.jpg
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Ҩышықәса ирылагӡаны афымцадәыӷба "Диоскуриа" амаршрут арҭбаауеит: Шәачеи Аҟәеи рҳаирбаӷәазақәа еиднакыло иҟалоит ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Лаҵара 1 азы Сириус аҟынтәи Аԥсныҟа ибжьало афымцадәыӷба "Диоскуриа" раԥхьаӡа акәны имҩасит. "Ҳара агәыӷра ҳамоуп Шәачатәи аҳаирбаӷәазеи Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи реимадаразы ари адәыӷба амаршрут агеографиа арҭбаара ҳалшап ҳәа. Уажәы ҳколлегацәеи ҳареи аихамҩақәа ринфраструктура ареконструкциа анапалакра атәы ҳалацәажәоит. Сгәы иаанагоит шықәсыки бжаки ҩышықәсеи рыҩнуҵҟа арҭ аҩҳаирбаӷәазак еихамҩала еимаадап ҳәа", — иҳәеит Кавказтәи аинвестициатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС иеиҭаз аинтервиу аҿы Гәынба.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/05/02/1054736829_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_7df156c87de0e48af84eef5de30325c6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, бадра гәынба
Ҩышықәса ирылагӡаны афымцадәыӷба "Диоскуриа" амаршрут арҭбаауеит
АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Ҩышықәса ирылагӡаны афымцадәыӷба "Диоскуриа" амаршрут арҭбаауеит: Шәачеи Аҟәеи рҳаирбаӷәазақәа еиднакыло иҟалоит ҳәа иҳәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
Лаҵара 1 азы Сириус аҟынтәи Аԥсныҟа ибжьало афымцадәыӷба "Диоскуриа" раԥхьаӡа акәны имҩасит.
"Ҳара агәыӷра ҳамоуп Шәачатәи аҳаирбаӷәазеи Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи реимадаразы ари адәыӷба амаршрут агеографиа арҭбаара ҳалшап ҳәа. Уажәы ҳколлегацәеи ҳареи аихамҩақәа ринфраструктура ареконструкциа анапалакра атәы ҳалацәажәоит. Сгәы иаанагоит шықәсыки бжаки ҩышықәсеи рыҩнуҵҟа арҭ аҩҳаирбаӷәазак еихамҩала еимаадап ҳәа", — иҳәеит Кавказтәи аинвестициатә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны ТАСС иеиҭаз аинтервиу аҿы Гәынба.