АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik.Аԥсны Аминистрцәа реилазаара асоциалтә шәарақәа ахьроуаз азы Урыстәыла аҭакԥхықәра здырҵо ҳтәылауаа азинтә цхыраара рыҭаразы аимадара ҷыда аартуп.
Аконсультациазы, абарҭ аномерқәа ылышәхыр шәылшоит:
+7 (940) 798 88 86;
+7 (940) 758 88 55.
Аиҳабырабжьаратә усуратә гәыԥ аилатәараҿы Урыстәыла ахәыҷқәа рзы ашәарақәеи ма "Ан лмали" зауз Аԥсны атәылауаа рзы аимадара ҷыда аԥҵаразы аӡбара рыдыркылеит.
Урыстәыла азакәанԥҵара инақәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа роуп ахәыҷқәа рзы аԥаратә цхыраара заур зылшо. Азыҳәаҩи ахәыҷи амзартә шықәса аҩнуҵҟа 180 мшы инареиҳаны аҳәаанырцә инхозар, урҭ ацхыраара аиура азин рцәыӡуеит.