АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Бадра Гәынба Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура иатәу Аԥсны иҟоу Аҳәаахьчаратә усбарҭа анапхгаҩы Сергеи Шьедрини аусзуҩцәеи Аҳәаахьчаҩцәа рымш рыдиныҳәалеит.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа аԥснытәи рколлегацәеи дареи 16 шықәса инареиҳаны ареспублика аҳәаақәа шеицырыхьчо.
"Ҳаамҭазтәи аԥышәарақәеи ашәарҭарақәеи раамҭазы аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рроль ахә ашьара уадаҩуп. Шәара аҳәынҭқарратә интересқәа шәыхьчоит, иҳараку азанааҭдырреи, агәымшәареи, ахачҳареи аашәырԥшуеит", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Гәынба аҳәаахьчаҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, агәымшәара, Аԥсадгьыл амаҵ аураҿы ақәҿиарақәа.