Аԥсны

"Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам" захьӡу аспектакль ықәнаргылеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. "Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам" захьӡу италиатәи адраматург иҩымҭа иалху аспектакль ҿыц ықәнаргылеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр.
1 / 2

"Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам" захьӡу аспектакль ықәнаргылеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр

2 / 2

"Иӷьычуа зегьы рҳәыҩцәам" захьӡу аспектакль ықәнаргылеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр

Нобель иаԥхьахә алауреат Дарио Фо иҩымҭала изықәымҿио аӷьычи уи иҳәсеи ирызку акомедиатә спектакль ықәиргылеит урыстәылатәи арежиссиор Никита Рак.
Апиеса аԥсшәахь еиҭеигеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа.
Аспектакль иалахәуп актиорцәа реилазаара ҩ-гәыԥк. Аҩбатәи агәыԥ ықәгылоит лаҵарамза 29 рзы.
Аԥсны
Еныкьи Анқәаби еиҭарҳәеит Аԥсуа ҿар ртеатр аспектакль ҿыц шықәдыргыло