Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони ацхыраара ласы аҳақьым хада Аслан Џьопуа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит акурорттә аамҭазы русура шеиҿкаау.
Џьопуа иажәақәа рыла, аусзуҩцәа разымхара ыҟоуп, акурорттә аамҭазы русура ааныжьны еиҳа ахьроуа аусура ицоит.
Ацхыраара лас иахьатәи аҭагылазаашьа, аԥхын аамҭазы русура еиҳагьы ианеиҳахо уадаҩрақәас ирызцәырҵуа ртәы шәахәаԥш арадиостудиаҟынтәи инарҭбаау авидеонҵамҭа.