Аԥсны

Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра азгәарҭоит Гәдоуҭа ԥхынгәымза 22 рзы

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра азгәарҭоит Гәдоуҭа ԥхынгәымза 22 рзы.
Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырԥҳа ишазгәалҭаз ала, ари аҽны аҽыуаа ақалақь ралсра азԥхьагәаҭоуп.
Аҽыбӷаҟазацәа ақалақь агәҭа инаркны авокзал ашҭаҟынӡа инеиуеит, уаҟа акәашаратәи ахореографиатәи коллективқәа, ашәаҳәаҩцәа, ашколхәыҷқәа злахәу аныҳәатә концерт еиҿкаахоит.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа – Гәдоуҭа араион ахадара, Аԥсны Аҽыбӷаҟазаратә спорт афедерациа, Сергеи Дбар ихьӡ зху амузеи.
Бадра Гәынба иӡбамҭала 2025-тәи ашықәс Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп.
Аԥсны
Владислав Арӡынба инапҩымҭақәеи астационартә телефони аҳәынҭмузеи иаҭоуп