АҞӘА, лаҵара 28 - Sputnik. Аԥсны раԥхьатәи ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергениаԥҳа Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә музеи ҳамҭас иалҭеит Владислав Арӡынба инапҩымҭақәеи астационартә телефони.
Амузеи аиҳабы Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, Џьергениаԥҳа амузеи ҳамҭас иалҭеит актәи ахада ииҩыз ашәҟәқәа, урҭ амузеи афонд иахәҭакхоит.
Ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диит 80 шықәса раԥхьа, 1945 шықәса лаҵара 14 рзы. Бадра Гәынба иӡбарала 2025 шықәса Владислав Арӡынба ишықәсны ирылаҳәоуп.