Аԥсны

Аҟәарақәа акурорттә аамҭа разыҟаҵара иалагеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 31 Sputnik. Аҟәарақәа акурорттә аамҭа разыҟаҵара иалагеит ҳәа аанацҳауеит Амчратә усбарҭақәа рассоциациа.
Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистрра иатәу Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аӡхәыҵалаҩцәа Аҟәа аӡымҽхак рыҵақәа ррыцқьара иаҿуп. Дара лассы-лассы амшын аҵан аихатә маҭәарқәеи ишәарҭоу агәамсами рыԥшаауеит.
Сабуа: амшынҭалара аамҭахәҭазы инагӡатәу аусқәа ртәы
Аӷба маҷқәа рзы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа иажәақәа рыла, есышықәса имҩаԥырго арыцқьарақәа амашәырқәа раԥырҟәҟәааразы ихымԥадоуп.
Аусурақәа мҩаԥгахоит Аԥсны иахьаҵанакуа — Гагра, Пицунда, Афон Ҿыц уҳәа егьырҭ ақалақьқәа рҟны.