АҞӘА, лаҵара 31 — Sputnik. Иреиӷьу асоциалтә проектқәа алкаахоит иахьа аинклиузивтә форум "Аԥсны аритм" аҟны.
Афорум автор Роман Пономаренко иажәақәа рыла, алахәылацәа жә-командакны еихшоуп, дара аӡбаҩцәа рҿаԥхьа рпроектқәа рыхьчоит.
"Алахәылацәа аҵарадырреи, аинклиузивтә ҵарадырреи, ирзыманшәалоу аҭагылазаашьеи, ирзыманшәалоу атуризми рхырхарҭақәа рыла апроектқәа еиқәдыршәеит", — иҳәеит иара.
Афорум иалахәуп Аԥсни, Урыстәылеи, Казахсҭани, Таџьыкисҭани рхаҭарнакцәа. Ахықәкы — ажәларқәеи реидкылареи асоциалтә еимадарақәа рыбжьаҵареи роуп иҳәеит Роман Пономаренко.
Алахәылацәа иҟарҵаз апроектқәа Нижни Новгород ацхыраарала Аԥсны анагӡара шалыршахо агәра згоит иҳәеит иара.
"Аԥсны аритм" 2017 шықәса аахыс Нижни Новгородтәи аобласт аҿы имҩаԥысуа асоциалтә наплакыҩцәа рфорум "Аритм аҵакыра" иахәҭакны иҟалеит. Иара иалахәхахьеит аинвалидра змоуи згәабзиара ԥкуи уахь иналаҵаны Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 150-ҩык инареиҳаны ауаа.