Аԥсны

Аԥсны атуризм аминистрреи Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза анапхгареи русеицура иалацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 30 Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза анапхгареи иареи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Урыстәылатәи ақалақьқәа рҟынтәи аҳаиреимадарақәа рыҿиаразы иҟоу алшарақәа ирзааҭгылеит, абри атәы аанацҳауеит атуризм аминистрра.
Аусеицура ахырхарҭақәа ирхадоуп — атуроператорцәа дуқәа рҟынтәи апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара Шәачатәии Аҟәатәии рҳаирбаӷәазақәа рыбжьара реиҭахшара. Уи атуристцәа зегьы рхыԥхьаӡара аҟынтәи 25% рыла аизырҳара азгәаҭоуп.
Уи адагьы, аинфраструктура аҿиареи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзыхиареи, иаҭахханы иҟалар Аԥсны аҵакыраҿы апассаџьырцәа аҭыԥқәа рзыԥшаареи ирылацәажәан.