Аԥсны

Аԥсны урыстәылаа рашәарамзазы еиҳа иалыркаауа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа хәба рхыԥхьаӡараҿы иҟалеит

Ареспубликаҟны ирҭиуа атурқәа 6,7% рыла еизҳаит, ари иҳаҩсыз ашықәс аасҭа 1,6% рыла еиҳауп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 3 Sputnik. Рашәарамзазы Аԥсны еиҳа иалыркаауа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа хәба рхыԥхьаӡараҿы иҟалеит ҳәа аанацҳауеит АТОР, амаҵзура "Слетать.ру".Sletat.ru адыррақәа шьаҭас иганы.
Атурқәа 6,7% рҭииуеит, ари иҳаҩсыз ашықәс аасҭа 1,6% рыла еиҳауп.
Уи зыхҟьо Анапеи, Ҟрым, Урыстәыла Амшын еиқәа иаԥну акурортқәа рҭаххара еиҳа аиҵахара акәзар ҟалоит.
Убри инамаданы, Урыстәыла аҩнуҵҟатәи атурқәагьы рыхәҭаа еиҵахеит – иҳаҩсыз ашықәс рашәарамзазы урҭ 27% ыҟазҭгьы, сынтәа ари арбага 13,6% рҟынӡа илаҟәит ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.