АҞӘА, рашәара 5 — Sputnik. Ареисқәа Ханты-Мансииск — Аҟәа хацыркхоит рашәара 28 инаркны.
Шәахьалеи сабшалеи Аҟәаҟа иԥырлоит 50 ҭыԥ змоу аилахәыра "РусЛайн" аҳаирпланқәа Bombardier CRJ200, абри атәы аанацҳауеит аҳаирбаӷәаза апресс-маҵзура.
Аԥырра аамҭа 6 сааҭки 55 минуҭи, уахь иалоуп Саратов сааҭктәи атехникатә тәарагьы.