Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа ишьҭырхыз азҵаарақәа еилкаахеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 6 Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи ҩ-тәылауаҩрак рызҵаарақәа рзы ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра ицәырнаго аконсултә усеицуразы азҵаарақәеи алкаақәеи ирылацәажәеит адәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Олег Барцыци Сергеи Лаврови реиԥылара аҿы.
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр аусбарҭақәа анапынҵа риҭеит, Аԥсны атәылауаа, аиҳарак аҿар агәҭынчымра рызцәырызго азҵаарақәа зегьы аус адыруларц, абас аиԥылара ахҳәаа аиҭеит Барцыц.
Аԥснытәи аделегациа русура иацырҵоит, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адепартаментқәа рҿы аконсультациақәа мҩаԥысуеит.
"Ҳәарада, ҳаиҿцәажәарақәа рҿы ахшыҩзышьҭра аҭан ашәарҭадаратә зҵаарақәа, аиҳарак Алада Кавкази Мраҭашәаратәи Амшынеиқәаҿтәи арегионқәа рҿы. Иара убас ҳалацәажәеит Женеватәи аиҿцәжаәрақәа рҟны Аԥсни Урыстәылеи русеицура", — иҳәеит Барцыц.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр агәра ганы дыҟоуп, иусутә ныҟәара иҭагӡаны аҩганк ихадоу азҵаарақәеи урҭ рыӡбаразы иазыԥшаатәу амҩақәеи ишрылацәажәо.