Аԥсны

Лавров: Урыстәылеи Аԥсни рхадацәа реиԥылара иалҵшәахеит иалкаау астратегиатә амшхәаԥштә

Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Олег Барцыци Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысит Москва.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 6 Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рхадацәа Владимир Путини Бадра Гәынбеи реиԥылара алҵшәақәа рыла ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә амшхәаԥштә алкаауп, абри атәы иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Иара иазгәеиҭеит уи амшхәаԥштәқәа шыҿиало, ишхарҭәаалахо, уи адагьы Аԥсны Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усқәа рхырхарҭалагьы.
"Иахьа ҳара алшара ҳамоуп ҩ-ганктәи аусеицуразы апланқәаеи анапынҵақәеи рылацәажәара,иара убас жәларбжьаратәи аренаҿы ҳусецура ишацҵахо. Зегь раԥхьа игылоуп — Алада Кавказ арегионқәа", — иҳәеит Лавров.
Аԥсни Урыстәылеи иреиҳаӡоу аҩаӡараҿы реимадара ареспублика аҿиаразы иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит иҳәеит Олег Барцыц.
"Ҳусеицура ҳтәылақәеи ҳажәлари ииашаҵәҟьаны аиҩызара шҳабжьоу аанырԥшуеит", — иҳәеит Барцыц.
Аԥсни Урыстәылеи рстратегиатә еиҩызара — арегион аҿы ашәарҭадара ашьақәыргылараҿы ихадоу аспектқәа иреиуоуп иҳәеит иара.
Урыстәыла ацхыраарала Аԥсны азы акырӡа зҵакы ӷәӷәоу апроект дуқәа нагӡоуп ҳәа азгәеиҭеит адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Олег Барцыц изы ари раԥхьаӡатәи усутә ныҟәароуп инапынҵақәа рынагӡара далагеижьҭеи.