Аԥсны

Логәуеи Удальцови ашьхатәии ақыҭантәии атуризм аҿиаразы алшарақәа ирылацәажәеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 6 Sputnik. Ашьхатәии ақыҭантәии атуризм аҿиаразы алшарақәеи, иара убас атуризм ахырхарҭала аусбарҭабжьаратәи аусеицура арӷәӷәареи ирылацәажәеит Аԥсны атуризм аминистр Асҭамыр Логәуеи Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутат Анастасиа Удальцови.
Удальцова иазгәалҭеит, Аԥсны иамоу аҷыдаҟазшьақәеи ажәлар ркультуратә хаҿреи реиқәырхара шхымԥадатәиу.
"Сара лассы-лассы Аԥсны саҭаауеит, аҷыдарақәа реиқәырхара акырӡа аҵанакуеит. Ареспубликаҿы атуризм аҿиара шьаҭас иаиуроуп — атрадициақәеи ибеиоу акультуратә ҭынхеи", — азгәалҭеит лара.
Аганқәа аусеицура арӷәӷәареи агуманитартә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи ишазхиоу азгәарҭеит.