АҞӘА, рашәара 6 — Sputnik. Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа Аԥсны атәылауаа роуразы аҭахра ахьеизҳаз иахҟьаны урыстәылатәи аконсултә ҭыԥқәа хԥа аартхоит.
"Ҩ-тәылауаҩрак рызҵаарақәа рыӡбара азы иҳабжьоу аиқәшаҳаҭра алшара ҳнаҭоит ас еиԥш ҳусеицура ашьақәыргылара. Иахьазы аинформациа аимдаразы аусура цоит, аконсултә ҭыԥқәа раартразы азҵаара зыӡбаша Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи роуп", — иҳәеит АдәА рминистр Олег Барцыц ТАСС аинтервиу анеиҭоз.
Апунктқәа аартхар алшоит Аҟәа, Гагра, Очамчыра ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.
Ҩ-тәылауаҩрак рызҵаарақәа рыӡбаразы аиқәшаҳаҭра амч аиуит мшаԥымза 25 рзы. Адокумент анапаҵаҩра мҩаԥысит Москва, 2022 шықәса цәыббрамза 27 рзы, Аԥсны Апарламент 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 30 рзы аратификациа азнауит, Урыстәыла Афедералтә еизара — 2023 шықәса ԥхынгәымза 10 рзы.