Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аруаа рыԥсыбаҩқәа Киевҟа рыҭареи атҟәацәа реимдареи мҩаԥымсӡеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 7 - Sputnik. Украинатәи аруаа рыԥсыбаҩқәа Киевҟа рыҭаразы акциа мҩаԥымсӡеит ҳәа иҳәеит аиҿцәажәаратә гәыԥ ахаҭарнак, аинрал-леитенант Александр Зорин.
Иара иазгәеиҭеит, урыстәылатәи аган, сҭампылтәи аиқәшаҳаҭрақәа инарықәыршәаны, аиҭныԥсахларатә ҭыԥ ахь иҭахаз 1212-ҩык аруаа рыԥсыбаҩқәа шнанагаз.
"Ҳара иаабоит украинатәи АИХқәеи ажәларбжьаратәи АИХқәеи ишаарыцҳауа акциа иааиуа амчыбжь ахь иахырԥоуп ҳәа. Абри азҵааразы аофициалтә дыррақәа ҳарзыԥшуп", — ҳәа инаҵишьит Зорин.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Агуманитартә операциақәа рымҩаԥгара Киев макьана иақәымшаҳаҭхаӡацт