Аԥсны

Аԥснытәи агимнасткацәа Санкт-Петербург имҩаԥысыз атурнир аҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 9 - Sputnik. Аԥснытәи агимнасткацәа Санкт-Петербург имҩаԥысыз атурнир "Вдохновение лета" аҿы аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит.
Дара ықәгылеит зегь реиҳа иуадаҩыз акатегориа А аҿы.
Софиа Адлеиба, Сара Иановскаиа, Полина Марченко —ахьтәы медалқәа ирыԥсахеит.
Араӡын медалқәа ранашьан Алина Зенкина, Александра Кәарцхьиа, Нита Козишникова.
Аџьаз — Кети Кәарҷиа, Елина Қьалаиџьан, Сабина Сҭамбулиан.
Агимнасткацәа азыҟарҵоит Урыстәылазегьтәи акатегориа азыҟаҵаҩ-аӡбаҩ, аспорт азҟаза Мариа Иакимова, аспорт азҟаза Анастасиа Буиуклиан.