Аԥсны

Аԥсны афорум "Путешествуй! аноминациақәа руак аҟны аиааира агеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 13 - Sputnik. Аԥсны V Жәларбжьаратәи атуристтә форум "Путешествуй!" "Winner of the Special Nomination ‘Let’s Travel" аноминациаҟны аиааира агеит.
Афорум иалахәыз аминистр Асҭамыр Логәуа зхадараҿы дыҟаз атуризм аминистрра аделегациа иӡырыргеит Аԥсны астенд.
Атуристтә форум "Путешествуй!" мҩаԥысуеит рашәара 15 рҟынӡа ВДНХ. Иара еиднакылоит аҳәынҭқарреи абизнеси рыбжьара аусуратә еимадаразы аплатформеи Урыстәыла аныҟәаҩцәа рзы раԥхьатәи атуристтә фестивальи.