АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Абетонтә маакырақәа амашьына рысны иарбгеит Афон ҿыц аҟны.
Амҩан машәыр аҟны аӡәгьы ааха имоуӡеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гәдоуҭа араион амилициа аҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Амашьынарныҟәцаҩ иажәақәа рыла, егьи ацәаҳәала иааиуаз амашьына имҩа ианылеит, еиҿамсырц азы иара ихы ацәигеит.
Аҭыԥахь инеит Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа, дара ахҭыс азы аԥқаанҵа шьақәдыргылеит. Арныҟәцаҩ арыжәтә ыжәны дыҟаӡамызт, ихатә харџь ала амаакырақәа шьақәиргылоит.